Интервью

Аҧсуа радио афонд аҟынтәи ишәыдаагалоит апоет ибжьы.

Понедельник, 20 февраля 2023 13:39

Низам Ҳапат.

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи адгьылҵысрақәа раан арыцҳара иақәшәаз рыцхрааразы иахьа Аԥсны агәыразратә еидара аизгара шцо, уи ззырхоу рзышьҭразы лшарас иҟоу атәы Аԥсуа радио аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.

Иҭыҵит апрофессор, афилологиатә Ҭҵаарадыррақәа рдоктор Екатерина Бебиаԥҳа «Амасса-информациатә хархәагақәа адунеизегьтәи аглобализациа аамҭазы» захьӡу лышәҟә ҿыц, убри инамадан адырраҭара «Ашьыжь» далахәын автор.

 

Аӡын аԥсуа қыҭа аԥсҭазаашьа атәы дазааҭгылеит адырраҭара "Ашьыжь" иалахәыз Хәаԥтәи анхаҩы Џьубеи Занҭариа.

Ашьхара аҟны ахымҩаԥгашьа акультура.

Понедельник, 13 февраля 2023 12:22

Лиудмила Гәымԥҳа илиира мшуп жәабран 13.

Ашәаҳәаҩ, Аԥсны Жәлар рартистка, Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Лиудмила Гәымԥҳа илиира мшуп жәабран 13. Сынтәа лара илиубилеитә шықәсоуп. Арҿиаҩы Аԥсуа радио аефир аинтервиу алҭеит лиира амш аҽны.

Жәабран жәба рзы иазгәарҭоит ахаԥыц-ҳақьым имш.

Адырраҭара «Ашьыжь» далахәуп Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны хыҵакырда иаанхаз ацхыраара рыҭаразы еиҿкаау агәыԥ алахәыла Инал Хәытаба.

Вторник, 07 февраля 2023 13:13

Алхас Чхамалиа.

Аҭоурых ду змоу Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет знысыз амҩеи иахьатәи аԥсҭазаашьеи ртәы адырраҭара «Ашьыжь» аҟны дазааҭгылеит, ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.