Аҿцәажәара

Аԥсны Акультура аминистрра еиқәнаршәаз Ареспубликатә гастрольтә уснагӡа инақәыршәаны, мшаԥымза 16 инаркны ихацыркхоит аконцертқәа рымҩаԥгара. Абри атәы инарҭбааны дырзааҭгылоит ҳастудиа асас, Акультура аминистрра иаҵанакуа акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.

Абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Арсҭаа игәалашәара аҳаҭыраз, арадио афонд аҟынтәи ишәыдаагалоит аҵарауаҩ ду 85 шықәса ихыҵраан иҟаҵаз арадиодырраҭара.