Интервью

Понедельник, 10 августа 2026 14:22

Иахьазы Аҧсны 52 нызқь фымцаҧхьаӡага ықәыргылоуп, иааизакны 90 нызқь рҟынӡа инагахоит ари ахыҧхьаӡара. Ҵыҧх уажәааны афымцалашара ахә ахшәаара арбагақәа 42-43 процент рҟынӡа инаӡозҭгьы сынтәа 60 % рҟынӡа ыҟоуп, Аҟәа акәзар аплан иахьазы 109% инагӡоуп, ауаа афымцаҧхьаӡагақәа рганахьала ирымаз азҵаарақәагьы маҷхеит, иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа.



Афымцаҧхьаӡагақәа рықәыргылара аус ахьынӡанагоу иахьазы, изакәанымкәа афымцалашара аҿаҧшьра ацклаҧшра алҵшәа, иныху афымцалашара ахә ахшәаара арбагақәа ҵыҧх уажәааны иаҿырҧшны изеиҧшроу, азанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхразы ирзеиҿыркаауа аҵара атәы еиҭеиҳәеит Аҧсуа радио аефир аҟны
"Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа.

Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳәар шәылшоит абра.

Прочитано 10 раз
aps25