Интервью

Понедельник, 23 февраля 2026 14:26

Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы археологиатә жрақәа рхы рыладырхәырц азы аволонтиорцәа рахь ааҧхьара ҟаҵоуп. Ишдыру еиҧш, аҳҭнықалақь амшын аҧшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Акаҳуажәырҭа «Пингвин» инаркны ҧсас ақьафурҭа «Диоскуриа» ахьгылаз аҟынӡа еиқәханы иҟоуп ажәытә қалақь Себастополис аҭыӡқәа, еиуеиҧшым аамҭақәа ирыҵаркуа ҧшь-хырӷәӷәарҭак рыхәҭақәа. Ахаҳә ықәырҵараны иахьыҟоу амшын аҧшаҳәа инаваршәны иахьазы имҩаҧысуеит ажрақәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа инапхгарала. Археологцәа ааҧхьара ҟарҵоит ауаажәлар рахь аволонтиорцәа раҳасабала ажрақәа рхы рыладырхәырц. Есҽны амш анбзиоу амшын аҧшаҳәахьы ашьыжь асааҭ 10 рзы инеитәуп. Аҟәатәи абаа азааигәара ажрақәа рзы амаҭәахәқәа рырҭоит. Абри атәы Аҧсуа радио иазеиҭеиҳәеит археолог Алик Габелиа.                                          Аицәажәара шәаҳар шәылшоит абра.

Прочитано 32 раз
aps25