Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ҳреспубликаҿы ТАСС акорреспондент ҷыда Анжела Қәычбериаԥҳа иланашьоуп Агәышԥтәы дыргеи, ахԥатәи аҩаӡара адипломи жәашықәса аинформациатә маҵзура ТАСС аҟны ламысцқьала лусуразы. Амаҵзура адиректор хада Андреи Кондрашов адиплом лнапаҿы илыҭо, Анжела Қәычбериаԥҳа ТАСС ахьтәы фонд дахыԥхьаӡалоуп ҳҽа лзиҳәеит.
Аԥсуа радио иалҭаз аиҿцәажәараҿы ажурналист дазааҭгылеит ТАСС аҿы шықәсырацәалатәи лусура атәы.
Aхаша, 04 Ԥхынҷкәын 2024 15:37
Икьыԥхьуп
Аамҭеи ауаҩи (Человек и время)