Арубриқақəа

Ясон Агумаа

Ясон Агумаа

Aшәахьа, 26 Ԥхынҷкәын 2022 16:51

Ҳабиҧара. Абзагә Марыхәба

Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәуп-аестрадатə шəақəа еиҭарҿыцны аранжировка рзызуа,артистцәа рыпродиусер,амузыкант Абзагә Марыхәба

Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа арбану, уи шаҟа аамҭа аус адырулоз атәы Аԥсуа радио аефир аҿы еиҭеиҳәеит арежиссиор- ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа.

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» асас- аҟазараҭҵааҩы, асахьаҭыхҩы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, Агәымшәараз амедал занашьоу Сурам Сақаниа. Ишәыдаагалоит аиҿцәажәара аҩбатәи ахәҭа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаарту Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб адырраҭара «Ашьыжь» аҟны дазааҭгылеит ацентр ахықәки уи инанагӡахьоу аусқәеи ртәы.

Жәларбжьаратәи аинформациатә еицлабра «Честный взгляд» - 2022 иалахәыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа ашьыжьтәи ҳдырраҭараҿ дазааҭгылеит аицлабра аҟны лалахәхара шыҟалаз, ирыдылгалаз атема.

Иахьа иҧсы ҭазтгьы 89 шықәса ихыҵуан Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Аристон Џьениа. Игәалашәара аҳаҭыр азы ҳара ҳиҿцәажәеит иааигәаны дыздыруаз аамҭала ҵаҩыс имаз Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет амедиакоммуникациеи аинформациеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.

Аԥсуа радио аефираҿ Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку адырраҭарақәа рцикл. Иахьатәи ҳдырраҭара рызкуп Аҵангәарақәа. Уи далахәуп археолог Аркади Џьапыуа. Амҩаԥгаҩ Алина Ачԥҳа.

 "Для меня  самые гармоничные истоки - это уклад  жизни  у абхазов". Интервью Эсмы Хагба в рамках рубрики " В гармонии с природой", которая всю свою трудовую деятельность осуществляет в сфере культуры в органах государственной власти РФ

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» асас- аҟзараҭҵааҩы, асахьаҭыхҩы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, Агәымшәараз амедал занашьоу Сурам Сақаниа. Ишәыдаагалоит аиҿцәажәара актәи ахәҭа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны   имҩаԥысит   акандидаттә диссертациақәа рыхьчара. Аусумҭақәа равторцәа Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Инал Гыцбеи иаздырхиаз адиссертациақәа   афольклори, алитературеи ирызкын.