«325 шықәсазтәи Никеиатәи Аизара дуи Стратофил Пицундатәи» ҳәа захьӡыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥган Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Уи еиҿкаан Актәи Адгьылзегьтәи ақьырсиан еизара 1700 шықәса ахыҵреи Пицунда аныҳәарҭа ацәырҵреи, уи амаҵ азызуаз, Никеиатәи Аизара ду иалахәыз иԥшьоу абацәа иреиуаз, аԥскәабаз (аепископ) Стратофил игәалашәареи раҳаҭыр азы. Аԥсуа радио аефир аҟны Аԥсны Амитрополиа Ԥшьа ахеилак ахантәаҩы, ААУ адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ нага, атеологиа адоктор, архимандрит Дараҭ (Дбар) дазааҭгылеит аԥсуаа ҳзы иаанаго Актәи Адгьылзегьтәи ақьырсиан еизара ҳаԥскәабаз иалахәхара, ари ахҭыс ашықәсныҳәа сынтәа иҵегьы ишазгәаҭахо атәы.