Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр имҩаԥнагеит арежиссиортә лабораториа «Сандро». Хымш ирҭагӡаны акәыргылаҩцәеи актиорцәеи Искандер иҩымҭақәа ирылхны аетиудқәа аздырхиеит. «Ахьча Махаз» иалахәыз актиор. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа Аԥсуа радио ишиашоу аефир аҟны еиҭеиҳәеит алабораториа шымҩаԥысыз.