Адырраҭара "Ҳара ҳабиԥара"аҳәаақәа ирҭагӡаны,ишәыдаагалоит Аԥсны аҭоурых аҿы Хәажәкыра 15-16,1993ш.хашҭшьа змам арыцхә, уи ажәыларақәа ирылахәыз аветеранцәеи,ари ахырхарҭа аҟны иҭахаз ҳаибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи ирызку анҵамҭақәа.Дышәсырдыруеит иахьатәи ҳасас -Сар-оглы Нани,Марттәи ажәылараан иҭахаз,"Агәымшәараз"амедал занашьоу, лашьа Ерик Сар-оглы изку лгәалашәара ҳацеиҩылшеит лара.