Среда, 28 декабря 2022 12:29
Уаҵәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит "Участковый Чычын" аԥхьарбара.
Уаҵәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит "Участковый Чычын" аԥхьарбара. Убри инамадан адырраҭара "Ашьыжь" далахәын Ҷыҷын ироль назыгӡо, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Џьамбыл Чхьапелиа.
Понедельник, 26 декабря 2022 14:56
Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа.
Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа арбану, уи шаҟа аамҭа аус адырулоз атәы Аԥсуа радио аефир аҿы еиҭеиҳәеит арежиссиор- ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа.
Пятница, 23 декабря 2022 12:10
Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаарту Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб адырраҭара «Ашьыжь» аҟны дазааҭгылеит ацентр ахықәки уи инанагӡахьоу аусқәеи ртәы.
Четверг, 22 декабря 2022 16:13
Аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа
Жәларбжьаратәи аинформациатә еицлабра «Честный взгляд» - 2022 иалахәыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа ашьыжьтәи ҳдырраҭараҿ дазааҭгылеит аицлабра аҟны лалахәхара шыҟалаз, ирыдылгалаз атема.
Среда, 21 декабря 2022 11:45
Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара. Аусумҭақәа равторцәа Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Инал Гыцбеи иаздырхиаз адиссертациақәа афольклори, алитературеи ирызкын.
Вторник, 20 декабря 2022 12:39
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас.
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас. Иара изныкымкәа Аԥсны даахьеит.Уажәы жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс далахәын,иара дреиуоуп уи аиҿкаара згәалашәо. Ибзианы идыруеит иабацәа рҭоурых.
Четверг, 15 декабря 2022 11:20
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит Александр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсуа сахьаҭыхҩы дуу, зыхьыӡ адунеи иахыҵәахьоу, зусымҭақәа рыла аҟазара абзиабаҩцәа зыршанхахьоу Александр Чачба диижьҭе 155 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит иара иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Среда, 14 декабря 2022 11:43
Есма Ҳагԥҳа усҟантәи ахҭысқәа лгәалалыршәеит.
30 шықәса уажәаԥхьа Тҟәарчалантәи Гәдоуҭаҟа аара разҟыс изоуз Есма Ҳагԥҳа адырраҭара «Ашьыжь» аҟны усҟантәи ахҭысқәа лгәалалыршәеит.