Адырраҭарақəа

Аԥсуа радио адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» аҳәаақәа ирҭагӡаны ишәыдаҳгалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аграинџьныртә факультет арҵаратә ҟәша аиҳабы, атехнолог Алхас Гыцба иҿцәажәара. Аиҿцәажәара азкуп аграинџьныртә факультет алабораториа аҿы Аԥсны изыҳауа аҵиаақәа ирылырхуа аефиртә хәшақәа ртема.

Aҩаша, 24 Ажьырныҳәа 2023 13:39

Жанна Гәлыуаԥҳа.

Аԥсуа радио ишәыднагалоит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку адырраҭарақәа рпрограмма. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан инхо Гәлыуаа рыжәла иазку аҭоурыхқәа еиҭалҳәоит Жанна Гәлыуаԥҳа. Еиҿылкааит, иагьымҩаԥылгоит Алина Ачԥҳа.

Aшәахьа, 23 Ажьырныҳәа 2023 13:34

Нури Кәарҷиа.

Аԥсны акультура аминистрра, Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиаратә центр адиректор. Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Кәарҷиа Нури.

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» изкуп Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, академик, аԥсуа поезиа Антологиа аиқәыршәаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, ажурнал «Аҟәеи» агазеҭ «Еҵәаџьааи» рредактор хада Мушьни Лашәриа. Сынтәа иара ихыҵит  85 шықәса .

Aҧшьаша, 19 Ажьырныҳәа 2023 15:22

Цим Аргәын.

Аԥсуа радио ишәыднагалоит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку адырраҭарақәа рпрограмма. Уи далахәуп Тҟәарчал инхо 82 ш. зхыҵуа Цим Аргәын. Еиҿылкааит Алина Ачԥҳа.

Aҧшьаша, 19 Ажьырныҳәа 2023 14:53

Рождество Христово

Передача Ланы Таркил, посвящённая великому празднику всех православных христиан - Рождеству Христова

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп аҵарауаҩ , Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аетнологиеи, архиологиеи аҭоурыхи ркафедра апрофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зхәу Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Валери Бигәаа. Аиҿцәажәара азкуп Ажьираныҳәа  ацәырҵра аҭоурых.

Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәуп Аҧсны аҭоурыхтә-милаҭтә гәарҧ амузеи акомплекс адиректор Илона Кәыҵниаҧҳа.

Амҩаҧгаҩ-Аза Харчлааҧҳа.

Абжьыла аиқәыршәаҩ -Раиса Ажьиҧҳа.

Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәп Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт,афольклор аҟәша ,афольклортә лабораториа аиҳабы,Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет -аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Ҷыҭанаа Хьыбла.

Амҩаҧгаҩ-Аза Харчлааҧҳа.

Абжьыла аиқәыршәаҩ-Раиса Ажьиҧҳа