
Ясон Агумаа
Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Сурам Сақаниа.
Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» асас- аҟзараҭҵааҩы, асахьаҭыхҩы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, Агәымшәараз амедал занашьоу Сурам Сақаниа. Ишәыдаагалоит аиҿцәажәара актәи ахәҭа.
Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара. Аусумҭақәа равторцәа Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Инал Гыцбеи иаздырхиаз адиссертациақәа афольклори, алитературеи ирызкын.
«Ажәлантәқәа Џьапуаа реибаркыра»
Аԥсуа радио ишәыднагалоит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку адырраҭарақәа рпрограмма. Иахьатәи аҭыжьымҭа «Ажәлантәқәа Џьапуаа реибаркыра» далахәуп аҵарауаҩ Аркади Џьапуа. Имҩаԥылгоит Алина Ачԥҳа.
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас.
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас. Иара изныкымкәа Аԥсны даахьеит.Уажәы жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс далахәын,иара дреиуоуп уи аиҿкаара згәалашәо. Ибзианы идыруеит иабацәа рҭоурых.
Ҳабиҧара. Оксана Лакербаиа.
Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәуп Аҟәатәи аҩбатәи аклиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым -атерапевт Оксана Лакербаиа.
Амҩаҧгаҩ-Аза Харчлааҧҳа
Абжьы арежиссир-Раиса Ажьиҧҳа
Аҧсуа радио адырраҭара "Аамҭеи ауаҩи" иалахәуп Џьырхәеи Ҷлоуи ақыҭақәа рынхацәа Алиас Барганџьиеи Валикәа Адлеибеи
Аҧсуа радио адырраҭара "Аамҭеи ауаҩи"
Адырраҭара иалахәуп Џьырхәеи Ҷлоуи ақыҭақәа рынхацәа Алиас Барганџьиеи Валикәа Адлеибеи. Аиҿцәажәараҟны ирзааҭгылоуп ақыҭатә ҧсҭазаареи , абзазареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Автор амҩаҧгаҩ-Елана Лашәриаҧҳа
Аҟәатәи алашарбага сынтәа иахыҵуеит 161 шықәса.
Абиԥарақәа реимадара. Лариса Маанԥҳа
Аԥсуа радио ишәыднагалоит адырраҭара «Абиԥарақәа реимадара». Ҳдырраҭараҿы Лариса Маанԥҳа еиҭалҳәоит лабдуцәа рыхҭысқәа ирызку ажәабжьқәа. Еиҿылкааит Алина Ачԥҳа.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит Александр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсуа сахьаҭыхҩы дуу, зыхьыӡ адунеи иахыҵәахьоу, зусымҭақәа рыла аҟазара абзиабаҩцәа зыршанхахьоу Александр Чачба диижьҭе 155 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит иара иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Аҧсуа радио адырраҭара " Аамҭеи ауаҩи" далахәуп Валентин Кәаӷәаниа
Аҧсуа радио адырраҭара " Аамҭеи ауаҩи" далахәуп, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат . Валентин Кәаӷәаниа