Аҿцәажәара

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны   имҩаԥысит   акандидаттә диссертациақәа рыхьчара. Аусумҭақәа равторцәа Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Инал Гыцбеи иаздырхиаз адиссертациақәа   афольклори, алитературеи ирызкын.

Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас. Иара изныкымкәа Аԥсны даахьеит.Уажәы жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс далахәын,иара дреиуоуп уи аиҿкаара згәалашәо. Ибзианы идыруеит иабацәа рҭоурых.

Аҟәатәи алашарбага сынтәа иахыҵуеит  161 шықәса.

Аԥсуа  сахьаҭыхҩы  дуу, зыхьыӡ  адунеи  иахыҵәахьоу, зусымҭақәа  рыла  аҟазара  абзиабаҩцәа  зыршанхахьоу  Александр  Чачба  диижьҭе 155  шықәса ахыҵра  аҳаҭыразы  Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит иара иусумҭақәа рцәыргақәҵа.

30 шықәса уажәаԥхьа Тҟәарчалантәи Гәдоуҭаҟа аара разҟыс изоуз Есма Ҳагԥҳа адырраҭара «Ашьыжь» аҟны усҟантәи ахҭысқәа лгәалалыршәеит.

Ашықәс ҿыц аламҭалаз Гагра имҩаҧгахо аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ртәы дазааҭгылоит адырраҭара «Ашьыжь» иалахәыз Гагра араион ахада ихаҭыҧуаю Хана Гәынҧҳа.

Ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәсазы Аԥсны аусура иалагеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны. Ари аамҭа иалагӡаны Sputnik Аԥсны иалнаршеит ахатәы ҭыԥ аанкылара. Аинтернет саит, асоциалтә ҳақәа рыҟны иаарласны аԥсышәалеи урыс бызшәалеи ажәабжьқәа рҭыҵра, арадио ефирала иҵару азҵаарақәа рылацәажәара, абри ауп ихадароу амаҵзура аусураҿ. Адырраҭара «Ашьыжь» далахәуп Sputnik Аԥсны аԥсуа саит аредактор-аҭыжьҩы Рада Ажьиԥҳа.