Aҩаша, 28 Жәабран 2023 12:24
Жәабран ҩажәи ааба рзы 85 шықәса ихыҵуазаарын Владимир Ҵнариа.
Жәабран ҩажәи ааба рзы 85 шықәса ихыҵуазаарын апоет алитературатә критик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Владимир Ҵнариа.
Aхаша, 22 Жәабран 2023 16:27
Гена Ҵулаиа.
Жәабран 25 рзы Маркәыла ақыҭан имҩаԥгахо арра-ҭоурыхтә експедициа атәы дазааҭгылоит, адырраҭара «Ашьыжь» иалахәыз В. Арӡынба ихьӡ зху ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Гена Ҵулаиа.
Aшәахьа, 20 Жәабран 2023 13:39
Низам Ҳапат.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи адгьылҵысрақәа раан арыцҳара иақәшәаз рыцхрааразы иахьа Аԥсны агәыразратә еидара аизгара шцо, уи ззырхоу рзышьҭразы лшарас иҟоу атәы Аԥсуа радио аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.