«Аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаараҿы акыр аҵанакуеит ахәыҷы абыжьқәа еилирго, ацәажәара иҽазирхио даныҟала инаркны абызшәа агәыбылра иркра. Уи аҟны ицхыраагӡоуп хатәы бызшәала ицәажәо ахәмаргақәагьы»,- ҳәа лыԥхьаӡоит «Apsua Toy» аԥҵаҩы Сабина Кетиа.
Аԥсуа радио астудиаҿы лара далацәажәеит Китаитәи афабрикақәа рҟны иаԥылҵо, аԥсышәала ицәажәо ахәмаргақәа аус рыдулара иацу ауадаҩрақәа ртәы. Убри аан иазгәалҭеит, ауааԥсыра ахәмаргақәа иргәаԥханы ишаархәо, уажәшьҭа аҭираҿы иҟамгьы ишрыдҵаало.