Аԥсны аџьынџь тәылатә еибашьра аҟны игаз аиааира сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит. Урҭ ахҭысқәа шымҩаԥысуаз, щаибашьцәа иаадырԥшуаз афырхаҵара, ахымшаҭара, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыҿцәажәарақәа, зыӡбахә ҳамҳәац афырхацәа ирызку анҵамҭақәа реиҿкаара -абри ауп изызку Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵразы Аԥсуа радио аҿы ихацыркыз апроект ҿыц-«Аиааира абжьы». Иахьатәи адырраҭара далахәуп «Агәымшъараз» амедал занашьоу, Лашькьындар ақыҭа ахада Азамаҭ Ҵәыџь.