Версия для печати
Понедельник, 02 июня 2025 14:07

Амшаԥныҳәа лаша ашьҭахь абыжьбатәи амҽышазы аиашақьырсианхаҵараҟны иргәаладыршәоит 325 шықәсазы Никеиа имҩаԥысыз Актәи Адгьылзегьтәи ақьырсиан еизара иалахәыз иԥшьоу абацәа иреиуаз 318-ҩык анцәа имаҵзуҩцәа. Сынтәа ари ахҭыс - Актәи Адгьылзегьтәи ақьырсиан еизара мҩаԥысеижьҭеи - 1700 шықәса ҵит, уи ақьырсианцәа зегьы иазгәарҭоит. Аԥсуаа ари арыцхә анаҩсгьы иазгәаҳҭоит ҳтәылаҟны ақьырсиан ныҳәарҭа Пицунда ацәырҵра 1700 шықәса аҵра, уи амаҵ азызуаз, Никеиатәи Аизара ду иалахәыз иԥшьоу абацәа иреиуаз, аԥскәабаз (аепископ) Стратофил даҳгәалаҳаршәоит.

Рашәара аказы Аԥсны Амитрополиа Ԥшьа иаҵанакуа анцәа дхазҵо Пицунда иаҭааит. Ижәытәӡатәиу ақьырсиан ныҳәарҭа ахьгылаз, иахьагьы уи ашьаҭа ахьубо, ацқьа аԥскәабаз Стратофил анцәамаҵзура ахьымҩаԥигоз, иара исахьанҵа-аныхачаԥа аԥшьара иазкыз аныҳәара мҩаԥысит.

Аԥсуа радио аефир аҟны Аԥсны Амитрополиа Ԥшьа ахеилак ахантәаҩы, атеологиа адоктор, архимандрит Дараҭ (Дбар) дазааҭгылеит аԥсуаа  ҳзы Актәи Адгьылзегьтәи ақьырсиан еизара ҳаԥскәабаз иалахәхара азгәаҭара, уи аӡыргара, аиҭаҳәра зхадоу атәы.

Прочитано 190 раз