Print this page
Aхаша, 04 Ԥхынҷкәын 2024 11:51

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Анжела Қәычбериаԥҳа.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ҳреспубликаҿы ТАСС акорреспондент ҷыда Анжела Қәычбериаԥҳа иланашьоуп Агәышԥтәы дыргеи, ахԥатъи аҩаӡара адипломи жәашықәса аинформациатә маҵзура ТАСС аҟны ламысцқьала лусуразы. Амаҵзура адиректор хада Андреи Кондрашов адиплом лнапаҿы илыҭо, Анжела Қәычбериаԥҳа ТАСС ахьтәы фонд дахыԥхьаӡалоуп ҳҽа лзиҳәеит.

Аԥсуа радио иалҭаз аиҿцәажәараҿы ажурналист дазааҭгылеит ТАСС аҿы шықәсырацәалатәи лусура атәы.

Read 202 times