Print this page
Aсабша, 18 Жьҭаара 2025 07:56

Аԥсуа радио асас, Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Written by
Rate this item
(0 votes)

«Апальмақәеи ашыц ҵлақәеи уажәшьҭа ашәарҭара иҭагылам.Урҭ аԥырхага рызҭо ахәаҷа хкқәа  џьаргьы имцаӡеит, аекосистема ишалац иалоуп, аха рыҿиара аанкыларазы  иаҳхәышәтәуеит, уи еиҳа иааннакылоит. Даара агәҭынчымра узцәырызго акәны иҟоуп  абнақәа рҿы изызҳауа ахьақәа ахҩаара иахьаҿу. Урҭ ԥырхага рызҭо акәыкәбаа хкы аанызкыло ахәшәқәа ыҟоуп, аха ашьхаҳаракырақәа рҿы изызҳауа ахьақәа  рыхәшәтра  даара иуадаҩуп»,- иҳәеит  Аԥсуа радио асас, Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Read 14 times Last modified on Aшәахьа, 20 Жьҭаара 2025 15:43
Ясон Агумаа

Latest from Ясон Агумаа