Аԥсны афымцаҳатә нхамҩа аиҭарҿыцреи амодернизациеи рыпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа иқәдыргылараны иҟоуп 60 нызқь рҟынӡа афымцаҧхьаӡагатә хархәагақәа. Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи афымцамч ашәҟәы аҭагаларазы ахархәагақәа рыла абонентцәа реиқәыршәара аусқәа шцо, иззыҧшу алҵшәа атәы Аҧсуа радио аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ҧиҧиа.