Print this page
Aшәахьа, 17 Абҵара 2025 13:13

«Чехови Аҧсныи ахьӡуп» апрофессор Владимир Занҭариа илекциа. Уи мҩаҧгахоит Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы уаҵәы абҵарамза18 рзы асааҭ 17 рзы атеатр асезон ҿыц аламҭалазы. РУСДРАМ 45-тәи асезон абҵарамза 21 рзы иаатуеит Антон Чехов ипиеса иалху ақәыргыламҭа «Аҷныш» аԥхьарбарала.
Аҧсныи аурыс шәҟәыҩҩи шҧеидҳәалоу ? Чехов ирҿиараҟны ишҧаарҧшу ҳтәыла? Ҳамшын иху аҷнышқәеи Чехов иҷныши ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Абарҭқәа дырзааҭгылеит Аҧсуа радио аефир аҟны РУСДРАМ аҿы алекциа иаҧхьараны иҟоу апоет, алитератураҭҵааҩы, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Владимир Занҭариа.

 

Фото: © Sputnik Абхазия

© Sputnik Абхазия
Read 24 times