Print this page
Aшәахьа, 17 Абҵара 2025 13:09

«Аҧсны ауахәамақәеи амонастырқәеи» асериала иҭыжьу ашәҟә ҿыц ӡыргахоит аҧшьаша абҵарамза 20 рзы Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы. 500 даҟьа инацны иҟоу аҭыжьымҭа иагәылалаз, иаанарҧшуа, шаҟа аамҭа аус адырулоз, иззырхоу, аҧхьаҩ иоур ахьилшо Аҧсуа радио иазеиҭеиҳәеит авторцәа руаӡәк - Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ижәытәӡатәиуи абжьаратәи ашәышықәсақәа аҭоурых аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ ҧхьагыла, ААУ аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент, архимандрит, атеологиа адоктор Дараҭ (Дбар).

Read 299 times